Қьырса ишҟа амҩа

3/14

Агәнаҳаҟаҵаҩы Аҿыxҩы Ида ԥcыхәа Имам

Ауаҩоы Анцәа данишоз ииҭеит аҟазшьа бзиақәеи ахшыҩ ҭышәынтәалеи. Иара инагӡаӡаны иишаз иакәын, дынхон Анцәа дизыразны. Иара ихәыцрақәа цқьан, игәҭакқәа ԥшьан. Kиa 16.1

Аха иҟалаз азымӡырыҩрала агәқәа рҟазшьа еицакит, ахы абзиабара агәы аҟнытә абзиабара ҭнацеит. Агәнаҳаҟаҵара ауаҩы имчра убраанӡа иканаԥсеит, иара ихала шьҭа ацәгьа аҿагылара илымшо аҟнынӡа. Иара аҩсҭаа дибаандаҩны дҟалеит, ус уа наунагӡа дагьаанхон, иара Анцәа, ҷыдала, уи аус хылаԥшра аимҭазҭгьы. Ацәгьаԥышәаҩы иазԥхьагәаҭараҿы иҟан Анцәа ауаҩы данишоз имаз аплан ахырбгалара, адунеи гәырҩалеи џьабаралеи арҭәра. Уи иара изаанартуан арҭ ацәгьарақәа зегьы ауаҩы дызшаз Анцәа ихаратәразы алшарақәа. Kиa 16.2

Агәнаҳара даҵалаанӡа ауаҩы дгәырӷьаҵәа Ҳазшаз диҿцәажәалон, «аҟәышреи, ахазынарақәеи зегьы зыҩнуҵаҟа иҵәаху» Ҳара Ҳазшаз. (Кол. 2:3). Аха агәнаҳа аныҟаиҵа, аԥсҭазаара ԥшьаҿы уи дзыргәырӷьаша шьҭа имбо далагеит, дагьашьҭалоит Анцәа иҟнытә аҽыҵәахра. Уи аҭагылазаашьаҿы аиҭеира иахымскәа инхаз ауаа ыҟоуп иахьагьы. Урҭи Анцәеи рыбжьара аилибакаара ыҟаӡам, Иара иҿцәажәара урҭ гәырӷьаҵәа иазнеиӡом. Агәнаҳаҟаҵаҩы Анцәа ивара разҟы иманы ихы ибо иҟалара залшаӡом; иара дацәыбналалоит аԥшьа иҿцәажәара. Ажәҩaн ахь уи ахалара азин иоуратәы иҟаларгьы, гәырӷьарак уи инаҭо изыҟалаӡом. Kиa 16.3

Ҳазшаз ҳәаа змам ибзиабара аҭак агәқәа зегьы иахьыҟарҵо аҳра зуа абзиабара наӡа адоуҳа иалшомызт уи игәаҿы ацәанырра аҭак арҿыхара. Ажәҩоанаҿы нхарҭас измоу, гәнаҳара змам ринтересқәа, рыгәзыҳәарақәа, рхәыцрақәа иара зынӡа ицәтәымны иҟалон. Иара ажәҩан амелодиа хыла-гәыла еилеиҵон акәын. Ажәҩан аҿы аԥсҭазаара иара изы игәыԥҵәаган иҟалон; иара ииҭаххоз акы заҵәык акәын: ажәҩоанaҿ инхо рзы илашарбаганы, игәырӷьаҭыԥны иҟоу иҟнытә аеыҵәахра. Анцәа ихатә гәаԥхарала ииӡбаз акы акәӡам - агәнаҳаҟаҵаҩцәа ажәҩан ахь рыҩамышьҭра зыхҟьо, урҭ рыԥхасҭара амчра ду ауп урҭ уаҟа анхара рылзмыршо. Анцәа Ихьӡ дара рзы « зегь зыхәлабго мцабзны” иҟалон. Дара еиҳа еиӷьашьаны, Дара реиқәырхаразы иԥсыз Ибла иамбарц азы, иалырхуан аԥсра. Kиa 17.1

Ҳара иҳалшаӡом ҳхала ҳагәнаҳақәа ҳахьҭаргалаз акыӡӷа кнаҳа аҟнытә аҭыҵра. Ацәгьа ҳаҩонуҵаҟа иҳаӷpоуп, ҳеаҳаԥсахратә еиԥш ҳамчра иҳамоу ҳазхаӡом. «Ицқьам иҟнытә ицқьаӡа аира зылшода? Аӡәымзарак аӡәгьы!” «Ахәыцра ҟьашьқәа роуп Анцәа иҿагылара ҟазҵо; избан акәзар Анцәа иԥҟарақәа урҭ ықәныҟәаӡом, иагьзыриааиӡом”. (Иов. 14:4; Рим. 8:7). Kиa 17.2

Акультура, аҵарадырра, алшаразы аҽаршьЦыларақәа, ауааԥсыра рымчра дара иахьырҭыԥу ибзиоуп, аха абра урҭ мчыдоуп. Урҭ рыцхыраарала адәахьы ииашаны ахымҩаԥгашьа аҵара алыршара ҟалоит, аха агәаҭа аԥсахреи, мамзаргьы аԥсҭазаара ахыҵхырҭақәа цқьаӡа рыҟаҵареи залшаӡом. Агәнаҳа иаҵоу иԥшьоу уаҩны дҟаларц азы иаҭахуп ауаҩы иҩнуҵаҟа аус зуша амчи, хыхьынтә иаауа аԥсҭазаара ҿыци. Уи амчра - Қьырса иоуп. Иара илԥха заҵәык ауп иԥсхьоу агәы аԥсҭазаарахь архынҳәра зылшо, иара убас Анцәа иахьи, ацқьарахьи ахьарԥшрагьы. Kиa 17.3

Ҳҿыхҩы иҳәеит: « Хыхь имиз», даҽакала иаҳҳәозар, ауаҩы аԥсҭазаара ҿыц ахь дназго агә ҿыц изҭамлар, ахықәкы ҿыцқәеи, агәзыҳәарақәеи изцәырымҵыр, иара «илшаӡом Анцәа Иаҳра абара”. (Ин. 3:3). Акыр иҩашьахеит ауаҩы игәаҿы аԥсабара инаҭаз абзиа арҿиара заҵәык ауп иахәҭоу ҳәа ихәыцуа: «адоуҳа (аҳәаанырцәтә бызшәала аиҭага - «идоуҳадоу”) змам ауаҩы Анцәа Идоуҳа идикылаӡом, избан акәзар иара уи хшыҩxыҵраны иԥхьаӡоит азы; аилкаарагьы илшаӡом, избан акәзар иара доуҳала азхәыцра аҭахуп. «Сара уара иуасҳәаз џьашьахәыс иумкын: Шәара шәиира ҟалар ауп хыхьынтә”. (1 Кор. 2:14; Ин. 3:7). Қьырса изы аҩыра иануп: «Иара аԥсҭазаара далаҟан, аԥсҭазаара - ауаатәыҩса рылашара акәын; «Иҟаӡам ажәҩан аҵаҟа ауаҩы иҭаз даҽа хьӡык, ҳара ҳаиқәырхара алыршара знапы ианыз». (Ин. 1:41; Деиан 4:12). Kиa 18.1

Ибзиоуп ауаҩы Анцәа игәшаҭара, игәыҭбаара, Аб игәыԥшқара аниныруа, Иара изакәанқәа риашареи, рҟәышреи анибо, ианеиликаауа урҭ шьаҭас ишрымоу абзиабара цқьа апринципқәа, аха егьа ус иҟазаргьы, урҭ рымацара азхаӡом. Урҭқәа зегьы идыруан ацҳаражәҳәаҩы Павел абас иҿҭыбжьы анаагоз: «Сара азакәан агәыҭбаара атәы сақәшаҳаҭхоит». «Азакәан - ԥшьоуп, ауасиаҭгьы ԥшьоуп, ииашоуп, иҳалалуп». Убри инаԥшьны гәы ԥжәарыла, гәыхьрыла, гәалсрала инациҵеит: «Сара зцәеи-зжьи зиааиуа соуп, агәнаҳа иаҵоу”. (Рим. 7:16,12,14). Иара дрызгәышьуан ацқьара, аиашара, ихаҭа имч зқәымхоз, дрыцҳаушьаратәгьы аҳәара ҟаиҵон: «Сара ауаҩ рыцҳа! Ԥсра зқәу ацәеи - ажьи сыриааиратәы аҟаҵара зылшода?» (Рим. 7:24). Ари аҩыза агәжәажәабжьқәа ирыхәылҟьон гәнаҳала иҭәыз агәқәа хабалакь, аамҭақәа зегьы раан. Зегьы ирыҭан ҭак заҵәык: «Абар, адунеи агәнаҳақәа зегьы Зхахьы изго Анцәа Иԥсықәҵа”. (Ин. 1:29). Ахара ахьанҭара зхы ацәызгар зҭаху ауаа аҵабырг еилыкка рызнагаразы Анцәа Ицырҟьа, Идоуҳа (Иԥсы) ихы иаирхәоит ахаҿы рацәақәеи, аиллиустрациақәеи. Исава джьаны, агәнаҳа ҟаҵаны, Иаков иҩны ааныжьны даныбналаз, ахара идыз ахьиныруаз акәын деиҵарӷәӷәа дызкыз. Иара ауаҩызаҵә, аҩныда, акыр изаԥсаз зегьы ирҟәыгахаз, зегьы раасҭа ҭаха изымҭоз иара иҟаиҵаз агәнаҳара иахҟьаны Анцәа диҟәыҭханы дахьаанхази, Ажәҩaн иара дныжьны иахьцази ирыдҳәалаз ахәыцрақәа роуп. Иара илахь еиқәшьшьы, игәы ҭаԥҽны, иԥсы ишьарц длықәиеит адгьыл цәҳәы. Икәша-мыкәша иҟаз, иуааԥсырадаз, ахәқәа заҵәык ракәын, ихагылаз аеҵәа цыр-цырқәа ԥсаҟьаны изгәылаԥсаз ажәҩан акәын. Абар уи уажәы деиԥхыӡуеит уамашәа иубаша лашарак, насгьы зыгага аарла ибо, дахьышьҭоу адгьыл аҟнытә, ус иара игәы иабоит, ашьҭыҵра иаҿу, хыхь ажәҩaн аҿы иҿоу агәашә ахь ухазгало, амардуан. Уи амардуан ала хыхь ихалоит, илбаауеит Анцәа имаалықьцәа, ақәцәанӡа иқәҷҷоз алашара иагәылыҩны хыхьынтә иааҩуан агәыӷражәақәеи, агәыжьжьагақәеи зныԥшуаз Анцәа ибжьы. Абас Иаков иҭан зыдлаԥса имам хазырҭәаауа, иҿажәкуа игәы азхара ҟазҵарц зылшо - Аҿыхҩы (Ҳаиқәырхаҩы) иабадырразы алшара. Гәырӷьарыла, патуқәҵарыла идикылеит Иаков, иара агәнаҳаҟаҵаҩы, Анцәеи иареи реимадара алзыршаша, уи амҩа. Ԥхыӡырла Иара иибаз амҩа акәзар, ауаҩи Анцәеи рыбжьара Ацҳаражәҳәаҩы заҵәы Иаса Қьырса ихаҿразы асимволра ауан. Kиa 18.2

Иара убри асимвол ауп иааганы дызлацәажәоз Қьырса Нафанаиломи иареи реицәажәараҿы. Иара иҳәеит: «Иахьарнахыс шәара ижәбалоит ажәҩан аҿышәҭеи Ауаатәыҩса Рԥа иахь ихало-илбаауо Анцәа имаалықьцәеи”. (Ин. 1:51). Агәнаҳа аныҟаиҵа, ауаҩы Анцәа дицәымыӷхо далагеит; ажәҩaни адгьыли рыбжьара реимадара иҟаз иҟалеит аҿаԥҵәара. Иаԥҵахаз атымитыша аиҿцәажәара алшара аимуа иҟанаҵеит. Аха Қьырса ибзоурала иҟалеит ажәҩaни адгьыли реимадара. Қьырса ихатәы лшарақәа рыла агәнаҳа атымитыша ахаҿы ацҳа хҵан, шьҭа амаалықьцәа ирылшоит ауаа рыҿцаара, рымаҵ аура. Қьырса аҵанза илеиз ауаҩы, иара иԥсыҽрақәеи имчыдарақәеи ҳәаа змаӡам амч Ахыҵхырҭа иадиҳәалоит. Kиa 20.1

Ԥхьацаразы агәыӷpақәа, ауаатәыҩса рдоуҳа аҳаракразы аҽышәарақәа зегьы башахоит, ауаа агәҭасуа иалагар аҵанӡа илеиз ауаҩхылҵшьҭра рыцхыраара, ргәыӷpақәа Рхыҵхырҭа заҵәы. «Иарбанзаалак илоуҵаз аҳалалра, иарбанзаалак агәаҵантә иҟаҵоу аҳамҭа хыхьынтә иаауеит, Ҳаб иҟнытә». (Иак. 1:17). Иара ида аҟазшьа наунагӡа аҭышәантәалара залыршахаӡом. Анцәа ишҟа анеира Қьырса ила заҵәык ауп алыршара зыҟало. Иара иҳәоит: «Сара аҵабырг соуп, сара - сымҩоуп, сара соуп аԥсҭазаара, Ҳаб ишҟа Сара сҿынтә ада аӡәгьы неишьа имаӡам”. (Ин. 14:6). Kиa 20.2

Анцәа адгьыл аҿы иара ихәыҷқәа, ҳара, дҳадҳәалоуп аԥсра аасҭа зымчра еиҳау бзиабарала. Иара Иԥа ҳара иҳаҭарала, Иара ҳара иҳаиҭеит ари аҳамҭала ажәҩан ахазынарақәа зегьы. Аԥсҭазаара, аԥсра, ҳаиқәырхаҩы иҟаиҵаз ахәдықәҵара, амаалықьцәа иҟарҵо амаҵура, Адоуҳа иҟанаҵо ааԥхьарақәа, зегьы ҳахь, зегьы ҳала аныррақәа ҟазҵо Ҳаб игәцаракра, ԥсыҽра знымԥшуа ажәҩан аҳцәа ринтересқәа - абарҭ зегьы ззынархоу ауаатәыҩса реиқәырхара ауп. Kиa 20.3

Лассы-лассы ҳазхәыцлап ҳара ҳзыҳәа иҟаҵаз иџьашьатәу аԥсақәҵара, насгьы ҳҽазаҳкып Ажәҩан иааиԥмырҟьаӡакәа алшара зыднаҵо, иҟьалаз реиқәырхареи, Аб иҩнашҟа дара рырхынҳәреи ахәшьара аҭара. Аус дырутәуп амчра ӷәӷәа змоу «арҿыхагақәеи, ахархәагақәеи”. Аус иашақәа рзы аџьшьара дуӡӡақәа - ажәҩан әҿы агәырӷьара, амаалықьцәеи, бзиа ҳазбо Аби, Иара Иԥеи рыҿцәажәара, ҳара ҳалшарақәа зегьы ҳәаа змам аԥсҭазаара зегьы аҿы реизырҳара, рырҿиара - абарҭ зегьы ҳара агәаҳәара ҳарымҭаӡои гәык-ԥсыкала, бзиабарала ҳара ҳазшази, Ҳаиқәырхаҩи рымаҵ ауразы. Kиa 21.1

Даҽа ганкахьала, агәнаҳа Анцәа иақәыӡбара, хырԥашьа змам ахьырхәра, ауаҩышәара аиаӡӡаара, наӡаӡа аҭахара - абарҭ зегьы Анцәа Иажәаҿы иҟоуп, аҩсҭаа имаҵура ҳара ҳацәыхьчаразы. Kиa 21.2

Анцәа лыԥхала ҳахь иҟаиҵо ааԥхьара ҳара ҳаздагәаны ҳаанхарыма? Уаҳа Иара ҳара ҳзы иҟаиҵарц илшарызеи? Ҳазааип нас абас иџьашьахәу бзиабарала ҳара бзиа Ҳазбаз изыҟазаашьа иаша! Ҳхы иаҳархәап иҳадгалоу ахархәагақәа Иара еиԥш зеиԥшу ҳакәхарц азы, Аби, Иԥеи, иара убас, ауаа рымаҵуразы илбаашьҭу аԥшьа маалықьцәеи рыҿцәажәареи, рықәшаҳаҭреи рахь ҳхынҳәырц азы. Kиa 21.3