Қьырса ишҟа амҩа

2/14

Анцәа ауaa рахь ибзибaра

Аԥсабареи аартрақәеи еиҟараны Анцәа ибзиаразы шаҳаҭра руеит. Ҳара Жәҩантә Ҳаб аԥсҭазаареи, аҟәышреи, аҵабырги рзы дхыҵхырҭаны дыҟоуп. Шәрыхәаԥш иџьашьахәтәу, иԥшӡаӡоу аԥсабара аԥҵамҭақәа. Kиa 8.1

Шәазхәыци, иааџьоушьаратәы, ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, зыԥсы ҭоу зегьы абзиеи, аразҟи роуратәы, шаҟа зегьы еиҿкааны иҟоу. Адгьыли, ашьхақәеи, амшыни, акаршәрақәеи зырлашо, изыргәырӷьо, аԥсы рхазҵо - амра алашара иахылҵуеи ақәеи, арҭ зегьы иҳaрҳәо Ҳазшаз ибзиабара атәы ауп. Иара аӡәы заҵәык иоуп Иара иишаз зегьы рҭахрақәа назыгӡо. Абри азы Аԥсалмаҳәаҩы даара ибзиаӡаны абас иҳәеит: Kиa 8.2

«Зегьы рыблақәа Уара иуларҟацоуп, Уаргьы ианаамҭоу дара рхәы руҭоит, Ирзауртуеит Унапы, улыԥха зманы инхо зегьы ргәы урҭәуеит» (Аԥс. 144:15,16.) Kиa 8.3

Анцәа ауаҩы дишеит аразҟы иманы, дыԥшьаны, иара убас Ҳазшаз инапала иишаз адгьылгьы бзиаӡан; ианубааломызт ацәеижь аиҿшәшәарҭа шьҭақәеи, ашәи ашәшьыра ҭыԥқәеи. Анцәа иԥҟара .абзиабара аԥҟара аилагара ауп адунеи агәырҩеи аԥсреи азаазгаз. Агәнаҳа иахылҵуа агәаҟраҿгьы иаатуеит Анцәа ибзиабара. Анцәа ауаҩы изы адгьыл ишәиит ҳәа ануп Иара. (Абз. 3:11 атәымб. аиҭагараҿы). Kиa 8.4

Аџьеи, амаҵурақәеи рыла иҭәу аԥсҭазаара ауаҩы дҭазыргыло ауадаҩрақәеи, аԥышәагақәеи аԥҵан Анцәа ибзоурала, ауааԥсыра агәнаҳа иҟарҵо иашьҭанеиуа алахьаҭара аҟнытә рыхьчаразы иара иазԥхьагәеиҭоз иплан аҿы ааӡаратә процесс иахәҭакны, дара ирыхәарҭахарц азы: рдоуҳа рцәымӡырц азы, иҭамхарц азы. Kиa 9.1

Адунеи акыр гәнаҳа иаҵоу аҿгьы аџьабареи агәырҩеи рыдагьы акры ыҟоуп. Аԥсабара ахаҭа агәыӷеи ажьжьареи ирықәӷьацо иҟаҵоуп. Ақәыц ашәҭ ахагылоит, амаӷ зылҳәҳәо агәыцәaҿ агәил ԥтуеит. Kиa 9.2

Иаатуа ԥаҭҟәыр цыԥхьаӡа, адгьыл иқәиаауа шьац цыԥхьаӡа «Анцәеи - абзиабареи акоуп» ҳәа аҩыра рнуп. Адунеи згәырӷьа ашәабжьы ахаҩуа аҵар џьашьахәқәеи, гьама ҳаракы зныԥшуа аԥшшәи, инагӡаӡоу ахатәы ԥшӡара змоу ашәҭқәеи, абӷьы иаҵәала иҩычоу, ахаафҩы зхылҵуа абна ҵла ҳаракӡақәеиабарҭ зегьы шаҳаҭра руеит ҳaра ҳАнцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа агәцаракреи, агәыԥшқареи, иара убас Иара Ихатәы хәыҷқәа аразҟы ҳаҭаразы имоу агәазыҳәарақәеи рзы. Kиa 9.3

Анцәа Иажәаҟны иаатуеит Иара иҟазшьа. Ҳәаа змам ибзиабареи, Иара игәжәажәареи рзы шаҳаҭра руеит Иҳақәиҭу иажәаҳәақәа. Моисеи «Исырба Уара ухьӡ-уԥша” ҳәа иҟаиҵаз аҳәара аҭакс иҳәеит: «Уара уҿаԥхьа иаасыртуеит Сара сылԥха зегьы”. (Исх. 33:18,19 атәым бызшәахьтә аиҭагарала). Абри ауп Иара ихьӡ-иԥша зегьы. Моисеи иҿаԥхьа Иҳақәиҭу даалеиҩеин, нас абас ҿааиҭуеит: «Анцәа, Анцәа, ауаатәыҩса бзиа избо, згәы шаҭоу, акырзычҳауа, аҳалалра рацәаны иаазырԥшуа, иҵабыргу, зқьы биԥара зыгәшаҭара рызхо, ауаа рхарақәеи, рыгәнаҳақәеи раназыжьуа иоуп. (Исх. 34:6,7). Иара крычҳаҩуп, гәшата дуӡӡоуп”, избан акәзар аҭамҵара бзиа ибоит». (Ин. 4:2; Мих. 7:18). Kиa 9.4

Анцәа иара иахь ҳхьаирԥшуеит, адгьыли ажәҩани рыҟны хыԥхьаӡара змам ардырга ҷыдақәа рыла. Иара Ихы аԥсабара цәырҵрақәа рыла иаҳирбарц даҿуп, иара убас адгьыл аҿы ауаа реидҳәалара зылшаша аимадага ԥшқaқәеи, аимадага ӷәӷәақәеи рылагьы. Дара арҭгьы Иара ибзиабара хаҭәааны ирылшаӡом аарԥшра. Арҭ аршаҳаҭгақәа зегьы шыҟоугьы «иарбанызаалакь аиаша иаӷоу» ауаа убраанӡа рыхшыҩ иреицакит, Анцәа иахь ашәаӡыӡрада акгьы рзаамырԥшуа, Иара иџьбароу, рыцҳашьара ззымдыруа аӡә иакәны ихәаԥшуа иҟаларатәы.Аҩсҭаа - Анцәа иҟазшьа хада, рыцҳашьарада ақәыӡбарақәа рамҩаԥгара ауп ҳәа ауаа агәра дхаирҵеит. Дара рзы иара қәыӡбаҩ џьбараны, қәҵа-қәыхыҩны дҟалеит. Ауаа икылкааны дрышьклаԥшуа, рыгхақәа, рышьацәхнысларақәа зегьы азгәаҭо, нас уи ала лахь рыҭара роуп ҳазшаз дызҿӡоу ҳәа ауаа рҿаԥхьа аусқәа убас еиқәирҽаҽоит. Абри алашьцара адунеи иахцаны, Анцәа ҳәаа змаӡам ибзиабара ауаа рзаартразы ауп Иаса хдунеи дзаҭааз, ауаа дызрыланхаз. Kиa 10.1

Анцәа иԥа жәҩанахьтә дзаҳҭааз Иаб ҳара даҳзааиртырц азоуп. «Анцәа уаҩы дунеихаан димбаӡацт; Аԥа заҵә, Аб иҟны зыԥсҭазаара ыҟаз, Иара дааит» (Ин. 1:18). «Аԥа ида Аб аӡәгьы диздырӡом, Аԥа аартыра ззиҭахуи рыда» (Мф. 11:27). Kиa 10.2

Иҵаҩцәа руаӡәы Иара даниазҵаа: «Ҳара Аб дҳарба», Иаса аҭак ҟаиҵеит: «Сара заҟаамҭа шәара шәҿы сыҟоузеи, Филипп, уара уажәыгьы Сара сзусҭоу узеилымкааӡаци? Сара сызбаз Абгьы дибеит; Аб дҳарба ҳара ҳәа шԥоуҳәои, уара?” (Ин. 14:8, 9). Kиa 10.3

Адгьылаҿы Иаса иҟазаара ақәказы иҳәеит: «Анцәа Сара исаҭәеишьеит ахмыхәацәа агәырӷьаҿҳәаша рыҭара, сааишьҭит Сара згәы ҭаԥеу рыгәқәа рырӷьаразы, згәы ҳәынҷоу аҵабырг рызнагарала рхрақәиҭтәразы, алашәцәа рыбла аартразы, згәы кыдыӡӡаахьоу роушьҭразы» (Лк. 4:18). Абарҭ иара иусқәа роуп. Иара дцон иахьабалак абзиа рҿио, аҩсҭаа дызхалаз зегьы еиқәырхо. Иҟан чымазаҩык иқьбжьы ахьымгоз ақыҭақәа, избанзар, Иара, урҭ дрылсуа ицхыраара иаҿажәкуаз зегьы еиқәирхон. Иара иусқәа, иара, Анцәа дақәныҳәаны дшыҟаз азы шаҳаҭра руан. Иара иԥсҭазаара анарха зегьы абзиабареи, ақьиареи, агәырҩацеиҩшареи рыла иҭәуп, избан акәзар Иара гәык-ԥсыкала ауаҩхылҵшьҭра зегьы ицәа ианыруа дыҟан. Ԥсабарала ауаҩра шьҭикааит, ауааԥсыра рҭахрақәа дазааины ибарцаз. Зегьы раасҭа ирыцҳази, ихмыхәази иара идгылара иацәшәаӡомызт. Ахәыҷӡақәа Иара идҳәаҵалон. Урҭ бзиа ирбон Иара ишьамхы ақәтәара, хәыцрала иҭәыз, бзиабарала илашоз иблақәа рхыԥшылара. Kиa 11.1

Иаса дунеи ахаангьы аҵабырг ажәа иҵәахӡомызт, аха иара уи еснагь бзиабарала иҳәон. Ауаа рыҿцәажәараан Иаса иааирԥшуан агәшәакра дуӡӡеи, агәцаракреи. Иара дунеи ахаангьы дыхжәаӡамызт, иахәҭам аџьбарара ааирԥшӡомызт, агәы ԥшқа зызҭоу иаԥсам агәхьаа иаиргаӡомызт, ауаҩы иԥсыҽрақәарзы лахь ииҭаӡомызт. Kиa 11.2

Иара еснагь аҵабырг иҳәон, аха иҳәон еснагь бзиабарала. Иара дақәыӡбон ацәаҭалара, адинхаҵара, азакәандара, ажәаша, аеыԥныҳәа Иара ианиҳәо, Иара игәи-илаӷырӡи еилаҵәон. Зегьы раасҭа бзиа иибоз ақалақь Иерусалим азы длаӷырӡышон Иара «аҵабырги, аԥсҭазаареи рахь имҩа» адкылара мап анацәырк. Урҭ дара Рҿыхҩы, Иара игәҭасит, аха Иара дырзыҟан гәыԥшқарыла, гәырҩацеишарыла. Иара иԥсҭазаара егьырҭ рзы аҟазаареи, аххашҭреи рзы иршаҳаҭган. Иара изы ԥсы зхоу зегьы аӡәаӡәала акыр иаԥсан.Нцәаҵас ихы ҳаҭыр ақәҵо, Иара еснагь Анцәа иишаз аҭаацәара иатәыз зегьы аӡәаӡәала гәыԥшқа дуӡӡала дырзылбааԥшуан. Kиa 11.3

Иара ауаа дасу аиаӡӡаара амҩа иқәыз рыԥсқәа ибон, зеиқәырхаразы Иара дааз. Kиa 12.1

Абас иҟоуп Иаса адгьылаҿтәи иԥсҭазаараҿы иаатыз Иара иҟазшьа. Уи Анцәа иҟазшьоуп. Қьырса иԥсҭазаара ианыԥшыз Анцәахылҵшьҭратә гәырҩацеиҩшарақәа ауаҩытәыҩсатә хылҵшьҭра рахь инеиуеит Аб игәаҟнытә: Иаса, агәыԥшқа, арыцҳaшьаҩ, Аҿыхҩы, «цәеи-жьылеи иаҳҭааз” Анцәа иакәын. (1 Тим. 3:16). Kиa 12.2

Иаса дынхон, дгәырҩон, дыԥсит ҳара ҳаиқәирхарц азы. Иара «аџьабара Даԥшәыман» дҟалеит, наунагӡатәи агәырӷьара ҳзааигарц азы. Анцәа иалиршеит зегьы раасҭа бзиа иибоз Аԥа аҵабырги алыԥхеи рыла иҭәны иҟаз, ҿык-бзык еиҭаҳәашьа ззамҭо аҭыԥ хьӡырӡы аҟнытә, агәнаҳа иаҵоу, шҳамла иҭәу, аԥсреи ашәиԥхьыӡи ршьашәырла ирлашьцоу адунеи ԥхасҭа ахь илбаашьҭра. Иара азин ииҭеит, Аб ибзиабараҿы иҟаз Аԥа, Иара дааныжьны, иара убас амаалықьцәа реихырхәарақәагьы, ахьымӡӷи, аныцәҳареи, аларҟәыреи, ацәымӷхареи, аԥсреи ицәа иҭагӡаны ргәылсра. «Ҳара хдунеи ақәыӡбарақәа зегьы Иара ихахьы игеит, Иара ихәрақәа рыла ҳара ҳаиқәхара ҟалеит». (Ис. 53:5). Шәахәаԥш, Гефсиманиа ацәҳәырaҿы дахькыдырҵаз Иара ишихигоз агәырҩа! Анцәа Иԥа Цқьа агәнаҳа ахьанҭара зегьы игеит Ихахьы. Иара, зегьы рыла Анцәа иакзаараҿ иҟоу, Игәы ианырит Анцәеи ауaҩы реиҟәҟьара иахылҵуа агәнаҳа хлымӡаах зегьы. Убри азы ауп Иара иқьышә ақәҟьара зыхҟьазгьы аџьамыӷәацәгьатә ҿыҭбыжьгьы: «Анцәаду, Анцәаду, сзаанужьзеи, Уара, ас, хылаԥшыда сара?” (Мф. 27:46). Агәнаҳа ахьанҭара, уи аԥсабара иатәу ахлымӡаахра Анцәеи ауаҩы еиҟәызшо шакәу адырра - абарҭ роуп Анцәа Иԥа игәы ҿызкааз. Kиa 12.3

Аха ари аҩыза ахӡатәқәҵара дууӡӡа иаҵалара зыҟалаз Аб игәаҿы ауаҩы иахь абзиабара арҿыхарази, мамзаргьы урҭ реиқәырхаразы агәзыҳәара изырҵысреи рзы акәӡам. Мап, мап! «Аб убраанӡа бзиа ибеит адунеи, Иара Иԥазаҵә илшаратә ҳара ҳзы иԥсҭазаара ақәҵара” (Ин. 3:16). Ҳазшаз ҳара бзиа ҳзибо, ҳҿыхразы ахӡатәқәҵара дуӡӡа ахьыҟаҵаз азы акәӡам. Ишыҟаҵәҟьоу ҽак алоуп зынӡа: Аханатәгьы Иара ахҿыхратә ӡатәқәҵара азгәеиҭахьан, избан акәзар бзиа ҳаибоит азы. Қьырса Бжьацәажәаҩын, Иара ила акәын уи ҳәаа змаӡам иара ари аҵанӡа илеиз (идоуҳадахаз) адунеи ахь имаз абзиабара аарԥшра злалиршоз. «Қьырса ила Анцәа Адунеии иара ихаҭеи реинраалара алиршеит”. (2 Кор. 5:19). Kиa 13.1

Анцәа иара Иԥа дицгәырҩон. Гефсимансктәи абаҳчаҿы иқәԥара, Голгофа дкыдҵаны иԥсра аагара - ҳара ҳҿыхразы ҳәаа змаӡамыз ибзиабара иашәаз ахәԥсақәа роуп. Kиa 13.2

Иаса иҳәеит: «Аб сара бзиа сибоит, избан акәзар сара сыԥсҭазаара аҭара сазыхиоуп, еиҭа шьҭахьла ахаҭа адкыларазы». (Ин. 10:17). Даҽакала иуҳәозар: «Сара саб убраанӡа бзиа шәибеит, Саргьы еиҳа бзиа сибо далагеит, шәҿыхра азыҳәа сыԥсҭазаара аҭара сазыхианы саныҟала. Шәара Шәеиҭазҳәо сакәны, хәдықәҵаҩны, Схатәы ԥсҭазаара шәара шәзы аҭара сазыхианы, шәара шәуалԥшьақәеи, шәыцәгьаурақәеи сара схахьы иго мацара, сара Саб еиҳа акыр сизаԥсаны сҟалеит, избанзар Сара иҟасҵаз ахақәҵара иабзоураны Анцәа илшоит аҵабырг азнагара алыршара, иара убас Иаса дхазҵо риашара азхаҵарагьы”. Kиa 13.3

Аӡәгьы, иара Анцәа Иԥа ида, ҳҿыхра зылшо дыҟаӡамызт, избан акәзар Анцәа иаарԥшра зылшоз Аб игәаҭа иҟаз Аӡәы заҵәык иакәын. Анцәа ибзиабара аҳаракыреи аҵаулареи атәы здыруаз Иара аӡәзаҵәык иакәын адунеи ахаҭа уи азаартразгьы алшара змаз. Қьырса агәнаҳаҟаҵаҩы изы ҳәаа змаӡам ахақәҵара дуӡӡа иҟаиҵаз ауп, даҽа мчык акәымкәа, Аб иҟьалаз ауааԥсыра рахь имоу абзиабара аарԥшра зылшаз. Kиa 14.1

«Избанзар, Анцәа адунеи убас бзиа ибеит, иара Иԥа заҵәы иԥсы ақәиҵаратә аҟнынӡа”. Иара уи иԥсы ақәиҵеит ауаа рыгәҭа дынхарц азы, рыгәнаҳақәа ихахьы иганы дыԥсырц азы мацара акәӡамкәа. Иара Уи ауаатәыҩса аҵанӡа илеихьаз дырзылаишьҭит. Қьырса иуалын урҭ иахьеи-уахеи урҭ русқәеи, рҳәысқәеи, рҭахрақәеи рыгәҭа аланхара. Иара, Анцәа иакны иҟаз, Ихы ауаатәыҩса рҵеицәа изырҟәымҭхо иҽрыдиҳәалеит. Иаса «урҭ сашьцәа ҳәа раҳәара дацәыԥхашьаӡом”. (Евр. 2:11). Иара - Ҳара зхы ҳақәызҵаз, ҳара Ҳахьчаҩы, Ҳара Ҳашьа, Аб итәарҭаҿ, иҿаԥхьа ауаҩы ицәа ихарԥаны иаагыло, иара убас наунагӡа Иара иҿихыз ауаатәыҩса зхы рыдызҳәалаз. Иара - ауаатәыҩса Рԥа. Арҭ зегьы, ауаҩы дҭазырхо агәнаҳа аҵаҟнытә хыхьҟа ирхынҳәны, Анцәа ибзиабара аҭак аҟаҵара рылшаратәы, аԥсҭазаара ԥшьа ицеиҩыршаратәы разыҟаҵара азы ауп. Kиa 14.2

Ҳара ҳҿыхра ахәԥса - ҳәаа змам ҳара Ҳазшаз иҟаиҵаз аԥсақәҵара дуӡӡа, ҳара ҳзы зхатәы Ԥа (Ҵеи) иԥсы ақәҵара иҟаиҵаз ауп - уи ахәԥса иалшароуп ҳара Қьырса ибзоурала ҳшыҟалаша ҳәа иҳамоу ҳгәыӷрақәа акырӡа рдоуҳа ашьҭыхра. Доуҳала иҭәыз ацҳаражәҳәаҩ Иоанн, зхы аҭархара иаҿыз ауаатәыҩса рахь Ҳазшаз иааирԥшуа абзиабара аҳаракыреи, аҵаулареи азгәаҭо агәырӷьеи, ахӡыӡаареи рыла игәы анҭәы, ари абзиабара амчхареи, иаҵоу аҟәымшәышәреи ртәы еиҭазҳәаша ажәа анизымԥшаа иҟаиҵеит адунеи ахь ааԥхьара: «Ижәбома, изакә бзиабароу Аб иааирԥшуа ҳара ҳахь, Анцәа иишаз хәыҷқәаны ҳхы ҳаԥхьаӡаратәы ҳҟаларц азы”. (1 Ин. 3:1). Шаҟа иҳаракны ишьоузеи ауаҩы ихә! Агәнаҳа ҟаҵаны, ауаҩхылҵшьҭра аҩосҭаа ихәура иҭалеит. Адам иԥацәа Қьырса иҟаиҵаз ауаа рҿыхразы аԥсақәҵара агәра ахаҵарала ирылшоит Анцәа иҵеирахь еиҭа ахынҳәра. Ауааԥсыра рыԥсабара иԥсабаратәны Қьырса иҳареикӡеит ауаатәыҩса. Уажәшьҭа, аҵанӡа илеины иҟаз ауаа ирылшоит, Қьырса рыҽидҳәаларала «Анцәа ихшаара” ҳәа ахьыӡ ҳаракы ииашаҵәҟьа аҽаԥсатәра. Kиa 14.3

Ари аҩыза абзиабара иарбанызаалакь акы иузадкылаӡом! Ажәҩан Аҳ ихшаара! Хәызмаӡам закәытә ҭагылазаашьа хазынароузеи! Ари акәӡами иҵаулаӡоу ахәыцрақәа зыдҳәалатәны иҟоу! Ак еиԥшым бзиабароуп зган еизырхаз рзы адунеи ахь анцәа иааирԥшуа абзиабара! Ари ахшыҩҵак иалшоит агәқәа, Анцәа «изыӡырҩразы ахшыҩ аҭҟәара”. Ҳара шаҟа иҵауланы Аџьар иахылҵуа алашарала Анцәа иҟазшьақәа ҳҵо аҟара, еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаауа ҳалагоит абзиабареи, аразреи, аҭамҵареи ирҿыбаауа ишыҟоу аиашареи, ақәыӡбареи; усҟан еиҳагьы еилыкка иубо иҟалоит хыԥхьаӡара рацәала ишыҟоу ҳәаа змаӡам Анцәа ибзиабара иаанарԥшуа агәыԥшқареи, арыцҳашьареи ан илыцәҟьалаз лысаби иахь иаалырԥшуа арыцҳашьареи агәыԥшқареи раасҭа акырӡа ишеиҳау зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа шыҟоу. Kиa 15.1