Қьырса ишҟа амҩа

12/14

Анцәа идырра

Ирацәоуп Анцәа ихаҿы злааҳартуа, иҿцәажәарахь ҳазланеиго амҩaқәа. Аԥсабара иааҟәымҵӡакәа ҳцәаныррақәеи, ҳахшыҩи рахь иҟанаҵоит анырра. Анцәа ибзиабареи ихьӡырӡи зныԥшуа Инапкымҭатә усқәа згәы аарту ауаҩы иахь анырра ҵаула ҟарҵоит. Аԥсара аԥсҭазаара ԥшьа зыхшыҩ азышьҭыхны иазыӡырҩуа иаҳауеит, иагьеиликаауеит Анцәа ихылҵшьҭра рыла иара иирҵарц ииҭаху. Аиаҵәахара иаҿу адәқәа, аҵла ԥагьа ҭоуӷанқәа. ашәҭқәеи апытҟәырқәеи Анцәа идыррахь иҳарҭоит ааԥхьара; аԥҭа ӡса-ӡсақәеи, ажәҩан ахьӡыԥшеи Иара иӡбахә ҳарҳәоит, икаҭәо ақәа цырақәеи, ахьхьа зыхго аӡкәараҷҷақәеи ҳхәыцрақәа Дара Аԥызҵаз иахь идырхоит. Kиa 92.1

Ҳара Ҳҿыхҩы хәы змам иҵабыргқәа ртәы ҳзеиҭеиҳәон аԥсабара ацәырҵрақәеи. асахьақәа рыла ихарҭәаауа. Аҵлақәа, аҵарақәа, адәышәҭқәа, ахәқәа, азыжьқәа, ажәҩан ахьыҵәцареи, иара убас есыҿнатәи ҳаԥсҭазаараҿы иҟало ахҭысқәеи аҵабырг ажәақәеи, ауаҩы иџьатә ԥсҭазаара агәцаракреи иузеиҟәымҭхо еидҳәаланы иҟоуп, иагьҳәаақәибаҵоит. Kиa 92.2

Анцәа игәы иаҭахуп иишаз ахәыҷқәа Иара дыргәалашәалар, насгьы дара адгьыл аҿы ирымоу аҩнқәа Иара иҩычаны излаҟаиҵаз аԥсабара аҭынчра ахазынареи, аҭынчра ахаҭеи иалаҭхаџьрацгьы. Анцәа ари адунеи аҿы иҟоу ахазынарақәа зегьы бзиа ибоит, аха аҟазшьа бзиа аԥшӡара Иара изы акырӡа еиҳауп, адәахьы иаабо агәыкра аасҭа. Иара иҭахуп Ҳара ҳаҩнуҵаҟа еихаҳҳаларацы ашәҭқәа рыҟны иаҳгәаԥхо ацқьареи аласра бзиеи. Kиa 93.1

Ҳара Адунеи аҿы Анцәа иишаз зегьы цқьа ҳрышьклаԥшлар, ҳакәша-мыкәша иҟоу гәцаракны ҳарзыӡырҩлар, иҳалшоит агәрагареи, аҳәатәхаҵареи ирызку аурокқәа ргәынкылара. Убла иамбо, дара рзы илху амҩала иааҟәымҵӡакәа иныҟәо аеҵәа дуӡӡақәа индыркны атом ссаӡақәа рҿынӡа аԥсабараҿы иҟаз зегьы Ҳазшаз иҳәатәы иқәныҟәоит. Анцәа зегьы дырхылаԥшуеит, Иара иишаз зегьы ныҟәигоит. Улаԥш зхьымӡо адунеии, адунеи сса рацәаӡақәеи напхгара рызҭо зашәа имырхьаацәақәа изҳәо аҵыс хәыҷгьы дахылаԥшуеит. Ажәҩантә Ҳаб ҳара зегьы гәы ԥшқала даҳзыҟоуп. Иара ҳара ҳаибоит аусура ҳанцогьы, Анцәа ҳаниҳәогьы ҳабжьы иаҳауеит. Ацәаразы ҳанышьҭалогьы, нас ҳанҿыхогьы хыхьтә илаԥш ҳхуп. Амал змоу ихан ашҭаҿы аҩыжәра аныҟоугьы Иара ибоит, арыцҳа ихәыҷқәа акрыфаразы иҭәым аишәахь данрыԥхьогьы Иара ибоит. Анцәа иарбанзаалакь алаӷырз икаҭәо атәы идыруеит, иара убас ччаԥшькгьы иара имбакәа изаанхаӡом. Kиa 93.2

Абарҭқәа зегьы ҳара цқьа еилкааны иҳамазҭгьы, иҵаҵӷәыдан иҳамоу агәҭынчымреи, ацәшәара мыцхәи наҟ инкаба ицон. Ҳара ҳаԥсҭазаараҿы иахьа акыр агәамҵрақәа ҳзаазгаз агәыхшәарақәа акыр имаҷхон усҟан. Избан акәзар, шьаҭанкыла, ихәыҷы иду зегьы маҵзура рацәа иаҵам, ирԥхашьам Анцәа инапы ианахҵон. Kиa 93.3

Адгьыл аԥшзара шәахгәырӷьаауа, ишәгәаларшәаны шәазхәыцла лахьеиқәра ахьыҟам, агәнаҳаи, аԥсреи иара убас шәира шьашәырк знымԥшуа ԥхьаҟатәи адунеи. Шәхaҿы иаажәгала еиқәырхоу ауаа рыԥсадгьыл, иагьыгәнышәкыл иара уи аасҭа акыр ишыԥшзахо, дарбанзаалакь, акыр зыхшыҩ цҳафырза иҟоугьы уи аҩыза илшaзом ахаҿы аагара. Зеиуа хкны аԥсабараҿы иҟоу Анцәа иҳамҭақәа зегьы раасҭа Иара ихьз ԥсыҽны изныԥшуа роуп. Kиa 94.1

Иануп абас: «Бла иамбацт, лымҳа иҭамыҩӡацт, ауаҩы игәгьы иҭамшәазацт Иара бзиа дызбо рзы Анцәа ирмазеиз”. (1 Кор. 2:9). Kиa 94.2

Апоетцәеи, аҵарауааи ирылшоит аԥсабаразы ирацәаны ацәажәара, аха ақьырсиан заҵәык иоуп Анцәа ауаа рахь имоу абзиабара ган рацәала избо, насгьы иара еиликаауеит, ашьхақәеи, адәкаршәрақәеи, азиасқәеи, амшыни ауаа ирыхәаразы шакәу изшаз. Абарҭ зегьы Ажәҩантәи Аб инапы иҵҵыз шракәу азхызҵаз идуп изылшо аԥсабара аԥшӡара иҳаракзаны ахәшьара, аԥшзарала агәырҭәра. Kиa 94.3

Анцәа ҳара ҳусқәа иҽрылархәрала ҳара ҳахь дааиуеит, иара убас идоуҳа ҳагәқәа рахь иҟанаҵо анырра алагьы. Ес-сыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿы иаҳԥыло рыҟнытә, ес-сыены ҳакәша-мыкәша имҩaԥысуа аиҭакрақәа рыҟнытә акыр иаԥсоу аурокқәа алугар ҟалоит, амала дара реилкааpазы уара уаартны ҟазар. Иџьашьатәу Анцәа иҟаиҵо ахылаԥшразы аԥсалмаҳәаҩы иҳәоит: «Адгьыл ҭәуп Анцәа илԥхала». (Аԥс. 32:5). «Иҟәышу ибоит иара Анцәа илԥхагьы иара изаатуеит”. (Ԥс. 106:43). Kиa 94.4

Анцәагьы ҳара ихы ҳазирхоит Иара Иажәала. Абиблиа акны еиҳа еилыкка, ихарҭәааны иаатуеит Иара иҟазшьа арбагақәа, аиқәырхарази ауаа реизыҟазаашьази иус дуӡӡа. Иара ацҳаражәҳәаҩцәеи, ахыбаҩқәеи, иара убас егьырҭ ажәытәра ахаҿарбагақәа рзы иаҳзеиҭанаҳәоит ажәабжьқәа. Kиa 94.5

Урҭгьы ҳара иҳаиԥшыз уаақәаны иҟан. (шәахә. Иак. 5:17). Ҳара ҳаиԥш даргьы ргәхы каҳауан, аишьшьылаҳара иаҿагылан иқәԥон; ҳара ҳаиԥш даргьы рхы ианазымиааиуаз ыҟан, аха ус егьа иҟазаргьы еиҭа ргәы иаҵгәон, Анцәа илԥха уи иаиааиуа иҟалон. Дара ртәы ҳаԥхьауа, аиашамҩахь ҳгәы рхаҵаны ҳнеиуеит. Ҳара урҭ зхысыз аԥышәарақәа ртәы анахдырлакь, ҳара ианаабалакь изакәытә лашараз, изакәытә бзиабараз, изакәытә қәныҳәарақәаз урҭ рхы иадырхоз, иарбан усқәоу дара ираҭәашьаз алԥхала имҩаԥыргоз, убасҟан урҭ агәзыҳәара рызҭоз Адоуҳа ҳара ҳагәқәа рыҿгьы агәырӷьа цқьа алашара аиркуеит, иара убас дара рҟазшьа аҩыза ҳаурц азы агәаҳәарагьы дара реиԥш ҳаргьы Анцәа еснагь дҳацзаарц азы. Kиa 95.1

Иаса ижәытәӡоу Аҩыразы, Аҿыц ааԥхааразгьы акырза ииашоу абас иҟоу ажәа иҳәеит: «Дара сара сзы шаҳаҭра руеит” (Ин. 5:39), даҽакала иаҳҳәозар, ҳара наунагзатәи аԥсҭазааразы ҳгәыӷpақәа зегьы зҿы иҟоу Ҳҿыхҩы изы. Ааи, Абиблиа зегьы aҿы Қьырса избахә ҳәоуп. Адунеи ашара иазку раԥхьазатәи ажәабжь инаркны - избанзар «ахацызкыз зегьы, хацаркра иара ида ирылшомызт» - аҵыхәтәанза иҳаиҭаз ажәа аҿынӡа: «Сра, лассы саакылҟьоит», ҳара Иара иусқәа рзы ҳаԥхьоит, ибжьы ҳаҳауеит (Ин. 1:3); Аарт. 22:12). Ҳара Ҳҿыхҩы еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳҭахызар, ҳара иҳахәҭоуп Апшьаҩыра аҭҵаара. Kиa 95.2

Анцәа иажәақәа шәгәаҵанза инеиуа иҟалааит. Урҭ иҿажәкуа ауаҩоы иԥсы еиқәзырхаз зыԥсы ҭоу ӡуп. Ари жәҩaнахьтә илеиз ча ԥхаҵәы-ԥхаҵәоуп. Иаса иҳәоит: «Шәара ишәымфалар Ауааԥсыра Рԥа ицәеи-ижьи, ишәымжәлар Иара ишьа, шәара анхара шәылшо шәзыҟалазом”. Нас Иара ииҳәаз иаарԥшит аҵакы: «Сара ишәасҳәаз ажәақәа аԥсҭазаареи адоуҳаи роуп изтәу”. (Ин. 6:53,63). Адгьыл иҳанаҭо ала ҳара ҳцәеи-ҳжьи иӷәӷәаза иҟалоит. Аматериалтә ԥсҭазаараҿы иҟало зегьы адоуҳатә ԥсҭазарааҟынгьы иуԥылоит. Ҳара еснагь ҳхәыцрақәа зыдҳәалоу хдоуҳатә ԥсабара амчра ҵаҵӷәра азнауа иҟалоит. Kиa 95.3

Ахҿыхр - амаалыҟьцәа рхы зладырхәырц ирҭаху мазоуп. Иара ҭырҵаалоит, ашәа азырҳәалоит иҿыхыз зегьы ҵыхәыԥҵәара змам рыԥсҭазаара зегьы аҿы. Нас ари аҭагылазаашьа игәцаракны, иҭарҳәхцааны иахьа инаркны зыҭцаара ахәҭоу акы акәзами? Ҳәаа змазам Иаса ибзиабареи, ҳара ҳзы иҟаиҵаз ахақәҵареи, игәрыцҳашьареи зегьы раасҭа иахзызааны, инарҵауланы азхәыцра иаԥсоуп. Ҳара иаҳуалуп акыр иашҳзаԥсоу ҳҿыхҩы, Ҳаиҭаҳәаҩы иҟазшьа ахшыҩзышьҭра аҭара, Иара иԥшьоу инапынҵа ахықәкы хада - «иара иуааԥсыра дара рхатәы гәнаҳақәа” рыҟнытә реиқәырхара - инарҵауланы азхәыцра, аилыргара. Ҳара ҳаамҭа ажәҩан аҵабыргқәа рызхәыцра иаҳаргалар ҳара хдинхаҵареи ҳабзиабареи ӷәӷәалахоит; ҳара ҳныҳәарақәа еиҳаеиҳа Анцәа игәы иақәшәо иҟало иалагоит, избан акәзар урҭ абзиабареи, адинхаҵареи рыла иҭәы-иԥха аԥсы рхалоит, ацәанырра рылжжо иҟалоит. Ҳара Иаса иахь иҳамоу агәрахаҵара ӷәӷәахоит, иара иҿынтә Аб иахь инеиуа зегьы ес-сыҽны Иара имч аабо иҟалоит. Kиa 96.1

Ҳҿыхҩы инагзазара ҳазхәыцуа, ҳара иҳацрало иалагоит аҽырҿыцреи, Иара еиԥш аҟалареи рзы агәазыҳәара. Ҳгәаҭаҿы иҿыхоит ҳара ҳзыхгәырӷьаауа ишьҭра ақәлара азгәышьра. Қьырса шаҟа ирацәаны ҳизхәыцуа акара адунеи зегьы Избахә рызнагаразы иҳамоу агәазыҳәара еиҳагьы еиҳахоит. Kиa 96.2

Абиблиа аҵарауаа рзы акәзам изҩу, иара еиҳа иззынархоу егьырҭ ауаа зегьы роуп. дхеиқәырхаразы зыда ҳхәарҭам аҵабырг дуззақәа амш еиԥш еихыкка иҟоуп. Дарбанызаалакь азәгьы гха ихьзом, дызқәу имҩагьы дацәыхҟьазом иара ихатәы қәызбарақәа иаарту Анцәа игәаҳәарақәа раасҭа иҳаракны ахәаԥшра даламгар. Kиa 97.1

Аԥшьаҩыра иаҳнарҵо аилкааразы, егьырҭ ирҳәо ҳақәымгәыӷзакәа ҳара иаҳуалуп ҳхала Анцәа иажәа аҭҵаара. Ҳара ҳзы даеа шьоукы ирыдаҳҵар ахәыцра, усҟан хдоуҳа амчра ԥсыҽхо иалагоит, иҿыцәаауеит Ҳара Анцәа Иажәа аҵабыргра аҵаулара ҳалымшо ҳҟалоит. Егьи абжьааԥны абиблиа атемақәа реидҳәалашьа дара атекстқәа аки-аки еиҿырԥшны, идоуҳатәу иадкыланы ахшыҩзышьҭра бзиа аҭаны ҳалагар аҭҵаара ҳахшыҩ ҭышәынтәалоит, Абиблиа аԥшзара џьашьахәи, абзиарақәеи зегьы ҳзаатуеит. Kиa 97.2

Аԥшьаҩыра аҵара аҟара ахшыҩ аззырҳауа акгьы ыҟазам. Абиблиеи, иара иҵаулоу узырлашауа аҵабырг амчра ахшыҩ арҿыхареи, ахәыцра еиҳарареи рзы ирымоу амчра аҟара зныԥшуа дaҽа шәҟәык ыҟазам. Анцәа иажәа ишахәҭоу еиԥш иҟазар иҭҵааны, ауаа рыхшыҩ иацлон, рҟазшьа ауаҩышәара иазҳауан, рхықәкы анагзараҿы иӷәӷәаӡа иҟалон, даҽакала иаҳҳәозар, ҳара ҳаамҭазы зынза имаҷзахаз зегьы. Kиa 97.3

Аҩыра ус алаԥш ахгара иҳанаҭо маҷуп. Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанза уаԥхьангьы иҟалоит иузеилымкаар иаҵоу аԥшзара зегьы, иара убас иара аҵакы ԥшьа аҵаулара узгәамҭар. Kиa 97.4

Еиҳа еисьуп аҩыра аҭыԥқәа руак асиужети аҵаки цқьа еилыкка иубо, аҿыхра азы Анцәа иазхәыцрақәа еилукаауа иҟалаанӡа аҭҵаара аҽазышәара, ус иалкаау хықәкык умазамкәа, аԥсҭазааразы акыр иаԥсоу аурокқәа ухазы иалымгазакәа ахы рацәа абла ахгара аасҭа. Абиблиа еснагь шәара ишәыцзааит! Џьара лшарак шаашәоулакь еиԥшҵәҟьа иара шәаԥхьала, шәзыԥхьаз агәынкылара шәылшәырша. Амҩа шәара шәананугьы, ишәылша џьара хҭак аԥхьара, аҵакы азхәыцра, иара убри алагьы агәынкылара. Kиa 97.5

Абиблиа ишахәҭоу аҭҵаарада, иара аныҳәарақәагьы рҵарада ҳара иҳалшаӡом аҟәышра иашаҵәҟьа ашьҭкаара. Аԥшьа ҩыра ахәҭак рҵакы аилаага иҟоуп азы реилкаара уадаҩрак аныԥшуа иубаӡом. Аха дaҽа хәҭақәак рҵакы ус имариаӡам реилкаара, убри аҟнытә зныктәи аԥхьарала зегьы агәынкылара залыршахазом. Kиa 98.1

Убри аҟнытә, иахәҭоуп атекстқәа дара-дара реиҿарԥшра. Инҭарҳәцааны аҭҵаареи, ныҳәарыла агәҭахәыцрақәеи меигзарахда ирыҭахоит аџьшьара. Адгьыл аҵа иҵаҵәаху зыхә ҳараку аметалл ашьаҭақәа аазырԥшуа ашьхаалыҵԥшааҩы еиԥш Анцәа Иажәа ааԥсара ззымдыруа аҭҵааҩы иԥшаалоит хыхь-хыхьла Абиблиа аԥхьара иалымшо зыхәԥса ҳаракӡоу аҵабыргқәа рыԥшаара даҿызаауеит. Kиa 98.2

Агәaҿы икапанны, иазхәыцны иҳәоу ажәа адоуҳақәа аԥсҭаара наунагӡа Ахыҵхырҭа аҟнытә илеиуа арҩашқәа иреиԥшуп. Kиa 98.3

Абиблиа аныҳәара ацымкәа аҵара ианакәызаалакь иаԥсазам. Абӷьыцқәа раартра ҳалагаанза, ҳара аҳәара ҟаҳҵароуп Аԥсы Цқьа илашара ҳаурц азы, иаргьы ҳара ҳаҭара ҟалоит. Нафанаил Иаса иҟны даннеи, ҳҿыхҩы иҳәеит: «Абас Аизраил иашаҵәҟьа, кьаҳәра злам дахьыҟоу”. Нафанаил диазҵааит: «Уара сара сабажәдыруеи?” Иаса аҭакс иҳәеит: «Филипп уара уааиԥхьаанӡа, сара узбеит уар, амжәаҵаҟа уаныҟаз”. (Ин. 1:47,48). Kиa 98.4

Иаса иахьагьы, ҳамацара, иара имҵаныҳәара ҳанаҿу, аҵабырг закәу аилкааразы ҳахшыҩ ирҿыхарц азы ҳаниҳәо, ҳаибоит. Алашара адунеи аҟнытә амаалықьцәа рзылбаарышьҭуеит згәы раҳаҭны Анцәа инапаҵаҟа аҟалара иашьҭоу зегьы. Kиa 98.5

Аԥсы Ацқьа Ҳҿыхҩы ихьз-иԥша еиханаҳауеит, адунеи иаханарҵәоит. Иара усс имоу - Қьырса ииашара ацқьареи, ауааԥсыра ираҭәеишьаз ахҿыхра амцхара дуззеи ҳара ҳзаартра ауп. Иаса иҳәоит: «Сара сҿынтә иганы, шәара ишәызхаирҭәаауеит”. (Ин. 16:14). Анцәа Идоуҳа заҵәык ауп Инцәахылҵшьҭроу аҵабырг ҳaрбара зылшо. Kиa 99.1

Ауааԥсыра Анцәа изы акырза иаԥсоу ракәны иҟоуп, ҳәарада, дара рзы иара Иԥа иԥсра ҟаиҵазар, иара Иԥсы Цқьа ҳара даҳзааишьҭызар, еснагь акыр ҳaрҵо ҳнеигаларц азы! Kиa 99.2