Қьырса ишҟа амҩа

9/14

Ԥсыxәас ирымоузеи нас агәыҩбарақәа?

Ақьырсиан ԥсҭазаарахь раԥхьаӡатәи зшьаҿақәа ааихызгаз аӡәырҩы акраамҭа агәыҩбарақәа еимдырххоит. Абиблиаҿы имаҷӡам дара зеилкаареи, зеилыргареи рцәуадаҩу аҭыԥқәа, аҩсҭаа уи рҭагылазаашьа ихы иархәаны Ацқьаҩаырахь ирымоу ахаҵара арԥсыҽра аҽазышәара далагоит. Усҟан ауаҩы ихы дазҵаауеит: «Ԥшаашьас иасҭарызеи амҩа иаша?” «Абиблиа Анцәа Иажәа иашаҵәҟьа акәзар, рыцәцашьас исымоузеи, нас, сгәыҩбарақәеи, сацәыԥхашьо, схы иҭагьежьуа схәыцрақәеи?» Kиa 67.1

Анцәа, «исҳәо ажәа хашәҵа» ҳәа адунеи ахаангьы аҳәара ҟаиҵаӡомызт, иҳаимҭацзар имаҷымкәа иҳамоу агәрагара шьақәзырӷәӷәаша адыргақәа. Иара иҟазаара, Иара иҟазшьа, Иара Иажәа аҵабыргра шьаҭас ирымоуп ҳахдыррахь ҳxьазырԥшуа аршаҳаҭгақәа. Ус иҟоу аршаҳаҭгақәа aзхаратәы иҟоуп. Аха Анцәа агәыҩбарақәа ҟалом имҳәаӡеит. Ахаҵара иҳамоу Шьаҭас иамазароуп aршаҳаҭгақәа, аха урҭ ҷыдала иалукааратәы акы иaлаҟамзар ҟамло иҟаӡам. Агәыҩбарақәа ирышьҭоу аҵаҵәгьы иԥшаауеит, аха аҵабырг закәу еилызкааҵәҟьарц зҭаху имоу ахаҵара иҵегьы ишьақәзырӷәӷәаша аршаҳaҭгақәа рыԥшаауеит. Kиa 67.2

Ҳәаа змам Анцәа иусқәеи, ма иҟазшьарбақәеи реилкаара ҳазнеиоатәы ҳахшыҩ иамоу алшарақәа маҷуп. Зҵарадырра ҳаракӡоугьы, акгьы иаҩымшәо ауаа рызгьы Аԥшьа еснагь зымаӡа аартра алымшо иакәны дыҟазаауеит. «Иулшома, уара уҭҵаарақәа рыла, Анцәа иԥшаара? (иҿынӡа анеира?) Зегьы Знапaҿы иҟоу иҿынӡа иулшома анаӡара? Иара ажәҩaнқәа реиҳа дҳаракуп - иҟоуҵарц иулшои? - џьаҳаным аасҭа дҵаулоуп, - еилукаарц иулшозеи?” (Иов. 11:7, 8). Kиa 68.1

Ацҳаражәҳәаҩ Павел ҿааиҭуеит: «О, ҵҩа змам амал, аҟәышра, Анцәа илшарақәа! Иара имҭа алахьынҵақәа рзыҩaӡара залшаӡом, Иара иҭгамҩа рашьҭазаара зыҟалаӡом!» (Рим. 11:33). «Иара дырхуп аԥҭеи алашьцареи - рҳәоит, аха аиашеи аӡбареи, - Иара ишьаҟа ашьаҭақәа роуп”. Ҳара ҳашҟа Иара иааирԥшуа агәцаракреи, узықәныҟәо игәзыҳәарақәеи рызхәыцраан, ҳара иҳалшоит иаабарц, ҳәаа змам Иара имчра иадҳәалоу, баша цәажәара иатәым, иара ибзиабареи илԥхареи. Ҳара иҳалшоит Иара игәҭакқәа (ихықәкқәа) реилкаара, уи аилкаара ҳара ҳзы имшны иҟалар, ҳара ҳабзиабарала згәы ҭәу, Зегьы Зымчу, Анцәа инапы ианаҳҵар ауп. Kиa 68.2

Анцәа иажәа, Анцәара зныԥшуа иара автор иҟазшьақәа реиԥш иаҵоу амаӡа аҵанӡа ауаа ирылшаӡом азнеира. Адунеи аҿы агәнаҳа анылашьа, Қьырса ихахьы агара, аԥсцәа рыԥсҭалара (ргылара), аиҭаҿиара уҳәа убас ирацәаны Абиблиаҟны иарбоу акырӡа иҵаулоу маӡақәоуп, ауаҩытәыҩса ихшыҩ еилнакаартә, еилнаргартә еиԥш иҟаӡам. Ус егьа иҟазаргьы ҳара Анцәа Иажәа агәра ҳамгаратәы. Аҵанӡа ҳнеины уи аилкаара ҳалымшара Анцәа Иажәа агәрахаҵара иаԥырхаганы иҟаӡам. Аԥсабараҿы имaчӡaм ес-сыҽны ҳзыниауа, зеилкаара наӡа ҳамам aмaӡкaa. Аԥсҭазаара зегьы раасҭа имариоу aфopмyлaқәa рыҿгьы ҳара иаҳԥылоит ҳаилкаара ззымхо ацуфарақәа. Хабалакь ҳара иаабоит зeилкааpa ҳaxшыҩ ацәыхароу аџьашьахәрақәа. Нас иџьахшьap ҳaxәҭoyмa ҳapa адоуҳaтә дунеи зеилкаара ҳамчра ақәымхо амаӡақәа ахьаҵоу? ауадаҩрақәа зегьы зыхҟьо ауаҩытәыҩса ихшыҩ аԥсыҽреи, aкьaҽpҽи роуп. Ацқьа ҩыра Анцәа ишихылҵшьҭроу агәра кзыргаша аршаҳаҭгақәа азхара агәылоуп. Ҳара уи Иажәа аиашаразы агәыҩшбара ааҳарԥшыр ҟалаӡом. Иара иаҵоу амаӡа азнеира ҳалымшеит азы ҳәа. Kиa 68.3

Ацҳаражәҳәаҩ Петр иҳәоит, Аҩыраҿы «ишыҟоу ус, ҭынч, ухаҿы иузаамго акы, убри аҟнытә амдыри, зыхшыҩ шәыми рхаҭақәа ҭазырхо акахьы ииаргоит», иахьатәи ҳбызшәала иуҳәозар, ацәа дырцәгьоит. (2 Петр. 3:16). Абиблиа ҳахшыҩ еилнакааша дыррак Анцәа изы иҳанаҳәозҭгьы, ԥсра зқәу ҳахшыҩ кьаҿ Иара имчхараду, иаҳракыра аҵанӡа еилнакаауа иҟазҭгьы, иара ианыԥшӡомызт Инцәахылҵшьҭроу автор иҟазш ьарба ҷыдара. Иара аҳракыреи, иаҵоу амаӡеи ҳгәаҿы ишьақәдырӷәӷәароуп иара Анцәа Иажәа иашаҵәҟьа шакәу азы иҳамоу агәрахаҵара. Kиa 69.1

Абиблиа ажәа мариала ауаҩы игәзыҳәарақәеи, игәҭыхарақәеи рҭак ҟаҵо аҵабырг ҳзаанартуеит, аҵарадырраду еиԥш. Ари ашәҟәы аҿы ахҿыхшьа мҩақәа рзаатуеит иазааизи адырра иашьҭоуи. Ус егьа иҟазартьы Абиблиа ажәа мариақәа иҳарҳәоит иҵаулоу ауаҩытәыҩса еилкаара аасҭа акырӡа зҩаӡара ҳараку иҵаулоу, зымҽхак ҭбааӡоу аҵабыргқәа ртәы, иара Анцәа ихаҭа иаартырақәа роуп азыҳәан ауп ҳара ypҭ рыдкылара ҳалшаратәы изыҟоугьы. Анцәа еиқәиршәаз ҳаиқәырхара аплан убасҟак еилыкка иҟoyп, Анцәа иҿаԥхьа ахьхәреи, Қьырса ихаҵареи аxеиқәырхарахьы ҳназго мҩа заҵәқәаны ишыҟоу убаратәы ҳҿаԥхьа иаатуеит. Арҭ аҵабырграқәа ҳаилкаара рызхо ишыҟоугьы, Анцәа ихьӡарӡы зҳәо ргәылаҵәахуп амаӡақәа, урҭ амаӡақәа ауаатәыҩса рыхшыҩ иԥнаҟо иҟам, аамҭазгьы ааԥсарада аҵабырг ашьҭазаҩ изы иҟоуп игәрахаҵаган, имышны... Иара Аҩыра шаҟа иҵаулан иҭиҵаауа аҟара, иҵаулахо иалагоит Иара ԥсы зхоу Анцәа Иажәа шакәу азы имоу агәрагарагьы, усҟан ауаҩы ихшыҩ Инцәахылҵшьҭроу аартыра адуӡӡара аҿаԥхьа ихырхәо игылоит. Kиa 69.2

Абиблиа аҵабырг дуӡӡақәа реилкаара иҳалымшо азгәаҭо, ҳара ҳазааиуеит Инаӡаӡам ҳахшыҩ шымчыдоу инаӡаӡоу аҿаԥхьа, здырра кьаҿу ауаҩы и шилымшо зегьы збо (изыцааиуа) Анцәа игәҭакқәа реилкаара. Адин змами агәрамгаҩи Анцәа Иажәа азхарҵаӡом иара амаӡақәа зегьы раатра ахьзалымшо ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Абиблиа иаҳәо хаҳҵоит зҳәо зегьы ари аҩыза ашәарҭара иацәыхаран иҟаӡам. Kиa 70.1

Ацҳаражәҳәаҩ иҩауеит: «Шәааԥшы, Сашьцәа, аицакҩи ахамҵаҩи рыгәқәа шәызҭамзааит, Анцәа имҩа шәацәхымҟьарц азы». (Евр. 3:12). Ибзиоуп ауаҩы инҭырҳәцааны Абиблиа анҭиҵаауа, «Анцәа Иҵаулара» даназнеиуа дара шаҟа Аҩыраҿы иаарту аҟара. (1 Кор. 2:10). Убри аамҭазы ҳара иаадыруазар ауп «иаартым ҳара Иҳақәиҭу Анцәа ишитәу”, «иаарту (ишаҳтәу) ҳара”. (Втор. 29:29). Аҩсҭаа дашьҭоуп аҭҵаара иазхиоу ауаҩы ихшыҩ арԥсыҽра, аԥагьарагьы Абиблиа аҵабырг аҭҵараан имаҷымкәа ахы цәырнагоит. Убри азы ауп џьоукы Аҩыра иаҳәо зегьы цқьа еилкааны ианырзымҳәалакь аԥсеибакра, ахыхьымӡӷшьара аарԥшра изалаго. Доуҳала иҭәу ажәа аилкаара ахьрылымшаз азхаҵара дара акырӡа илазырҟәо акы акәны иахәаԥшуеит. Урҭ ирҭахӡам ачҳара аарԥшны Анцәа аҵабырг аартра ахәҭоуп ҳәа аназиԥхьаӡо аамҭа азыԥшра. Ус иҟоу ауаа Аҩыра Ԥшьақәа реилкааразы ирымоу аҟәышра азхоит ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха уи лыҵшәа анаиулакь, ари ашәҟәы аҳаҭыр аҿаԥера иалагоит. Ииашоуп, акырӡа ирацәоуп Aбиблиа шьаҭас ирымоуп ҳәа иазхаҵаны иҟоу атеoриақәеи адинхаҵаратә ҵарақәеи, аха урҭ Анцәа Идоуҳaтә Ҩыpa азеиԥш ҵакы ииашаҵәҟьаны иaҿагыло роуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аӡәырҩы yамашәа ирбоит, агәыҩбара рызцәырнагоит. Аха уи зxароу Анцәа Иажәа акәӡам, ауаҩы Абиблиа Аԥшьа Шәҟәы иазиуа аицакрақәа роуп. Kиa 70.2

Анцәа иишаз ирылшазҭгьы Анцәеи Иара иусқәеи аҵанӡа иазнеины реилкаара, аилкаара аныҟала нахыс рдырра ацҵаразы, рыхшыҩи ргәи реизҳаразы ԥхьаҟа алшара роуратәы изыҟалаӡомызт. Уи нахыс Анцәа дҟалаӡомызт дара рзы иреиҳaӡоу Иакәны, ауаҩы иакәзаргьы, адырреи алшареи рҳәаа ацкараҿы даннеилак, аизҳaра даҟәыҵуан. Анцәа иахь иааҳaрԥшып нас аусқәа ус иахьыҟам азы, аџьшьара. Иара иаҳракыра ҳәаа амаӡам. «Иара игәыҵакуп аҟәышреи абарақәеи рыхазынарақәа зегьы”. (Кол. 2:3) аҟазаара ыҟанаҵы ауаа аҿызаауеит Иара иҟәышреи, имшреи, имчи рдырра, рҵара, аха адунеи ахаангьы урҭ рыҵанӡа инеины ирылшаӡом рыҭтара. Kиa 71.1

Анцәа Иара иишаз ажәлар ираҭәеишьоит Иара Иажәа аҵабыргра ара ҳаԥсҭазаараҿы ирзаатларц. Уи аҩыза алшара аиура иамоу мҩа заҵәык ауп: Ари Ажәа зыҭаз Аԥсы Цқьа ила ахшыҩарккара. «Анцәа иус здыруа Анцәа ицырҟьа Аԥсы ауп”, «избанзар Аԥсы зегьы иргәылаԥшуеит, Анцәа иҵауларагьы”. (1 Кор. 2:11,10). Ҳҿыхҩы Иара ишьҭазааҩцәа аҿа риҭеит: «Иара, Аԥсы Ҵабырг данааилакь, шәара амҩа иаша шәирбоит... избанзар Сара сҿынтә иганы шәара ишәызнеигоит». (Ин. 16:13,14). Kиa 71.2

Анцәа ауаҩы ихдырра азырҳара иаҭәеишьоит. Абиблиа аҵара, даҽа ҵарак еиԥшымкәа ҳахшыҩ азнарҳауеит, иарӷәӷәоит. Аха ҳара ианакәызаалакь ахшыҩ нцәахәҵас ҳахәамԥшлароуп, избанзар уи ԥсыҽуп, насгьы инагӡаны иҟаӡам. Анцәа Иaжәа аҟнытә зегьы раасҭа зеилкаара мариоу иара аҵабырграқәа ииашаны реилкааразы ҳара иҳамазар ауп асаби хәыҷы игәыцқьареи, имоу агәрагареи, аҵара азыхиареи, Аԥсыцқьа ацхырааразы иҳәара алшареи. Kиa 71.3

Анцәа иҟәышреи имчреи рдырра, иара убас иара иаҳаракыра дуӡӡа аҵанӡа аилкаараз ҳaра ҳамчыдара ҳҟарҵар ауп ҩнуҵаҟала ҳазыраҳаҭны. Иажәа ҳадаҳкылалароуп ԥсыцқьала ҳахӡыӡаауа Ихаҭа иҟазаара ҳалахәушәаҵәҟьа. Абиблиа аԥхьара напы аҳaрклар ауп ҳҿаԥхьа Иреиҳаӡоу Ахьӡрахьӡы дшыҟоу агәрахаҵарала: ҳгәи ҳахшыҩи еихырхәо Иҿаԥхьа игылар ауп «Сара - Анцәа дуӡӡа иаашьҭымҭа”. Kиa 72.1

Хыхь ишҳәаз еиԥш, Абиблиаҿы иҟоу зеилкаара уадаҩу, аҭыԥқәа акыр, Анцәа заҵәык иоуп изылшо реилкаара иашьҭоу ауаҩы аԥхьа урҭ изаартра. АԥсыЦқьа инапхгарада ҳара еснагь Ацқьаҩыра еицакны, ииашамкәа аилкаара ҳацәшәо ҳаҟазаауеит. Ҽа шьоукы Абиблиа иаԥхьоит хырҳага рылаӡамкәа, ҭагылазаашьақәак раан рхаҭақәа ирзыцәгьахо, избан акәзар урҭ уи аԥхьара напы адыркуеит Анцәа имыҳәаӡакәа, иара иқәныҳәарада. Иаԥхьо ихәыцрақәеи, ицәаныррақәеи Анцәа иахь ирхамзар, Иара иақәиҭтәра ыҟамзар акыр изыцәгьахоит агәыҩбарақәа изцәырҵуа раиааира. Усҟан Абиблиа аԥхьара агәрахамҵара еиҳагьы иацнаҵоит. Ауаҩы ихәыцрақәа аԥсы цәгьа инапаҿы иҟалоит, аԥхьаҩгьы дзыԥхьо иашамкәа идикыло далагоит. Ауаа гәыла-ԥсыла ишынеибакәу Анцәа изы ираҳаҭӡа аҟалара иашьҭалар, егьа ҵарадырра рымазаргьы Аҩыра аилкаараҿы ҩашьарак шрыхьуазы еснагь ашәара ыҟоуп, убри аҟнытә урҭ реиҭаҳәарақәа рхаҵара акыр ишәарҭоуп. Аҩыраҿы ахшыҩҵак еиҿагыларақәа рбара иашьҭоу, доуҳатә аартырак иманы дзыҟалаӡом. Еицаку идунеихәаԥшрақәа рҿы уи ииашаҵәҟьаны зеилкаара мариоу, еилыкка иҟоу рҿы уи иԥшаауеит аҵаҵӷәы рацәа, агәыҩбарақәеи агәрахамҵарақәҽи рзы. Kиa 72.2

Иаартны иҳамҳәаргьы, агәыҩбарақәеи aгәрахамҵарақәеи еиҳараӡак ҵаҵӷәы хадас ирымоу агәнаҳарахь иааҳaрԥшуа абзиабара ауп. Анцәа иажәаҿы иҟоу амҩақәҵарақәҽи аҽынкыларақәҽи агәнаҳаҟаҵара бзиа избо агәы иаднакылаӡом, иара yбас Аҩыра азыҳәарақәа ирықәныҟәар зҭахымгьы, ихьӡырӡы азы агәыҩбара аарԥшра еиҳа иазыхиоу ауааԥсырагьы. Аҵабырг аԥшааразы гәык-ԥсыкала иара закәу хдырырц шаҳҭаху, ацныҟәара ҳшазыхиоу ааҳарԥшыр ауп. Убри аҩыза агәаӷьра зманы Абиблиа аҵара иалагаз, уи Анцәа Иажәа шакәу агәра изыргаша аршаҳаҭга рацәа рыԥшаауеит. Урҭ ирылшоит ахеиқәырхарахь амҩа дзырбо иара аҵабыргра аилкаара. Kиa 73.1

Қьырса иҳәеит: «Иара иҳәатәы иацныҟәар зҭаху, еиликаауеит уи аҵара Анцәа иҟнытә ишаауа». (Ин. 7:17). Абиблиахь агәыҩбара аарԥшреи, ишәзеилымкааз ақәгәамҵреи рхаҭыԥан хшыҩзышьҭра ашәҭа ишәықәыҷҷо алашара, усҟан ишәоуеит алашара ду. Қьырса илԥхала шәара шәыхшыҩ иазаатыз аҭакԥхықәрақәа нашәыгӡоит, макьана агәыҩбара шәызцәырзго аилкаарази, анагӡаразы алшара шьҭышәкаауеит. Kиa 73.2

Аҵара змоуи, ус ауааи зегьы еиԥшны зеилкаара мариоу ршаҳаҭгак ыҟоуп - дасу ихатәы ԥышәа. Анцәа иҭахуп Иара Иажәа аиашареи, Иара иҳаиҭаз ажәа шынагӡахоит ҳара ҳхаҭақәа иазгәаҳҭарц. Иара ҳара ҳахь иҟаиҵоит ааԥхьара; «Агьама гәашәҭа, ижәба Иҳақәиҭу илԥха». (Аԥс. 33:9). Џьоукы ражәа ақәгәыӷpа ҳаҟәыҵны, ҳхала иаабап уи агьама, иагьазхаҳҵап. Иара ажәа ҳаиҭоит: «Шәаҳәа, ижәга». (Ин. 16:24). Ҳҿыхҩы Иажәа еснагь иҳәон, деижьаӡомызт. Иара иуиҭо ажәа еснагь инагӡахоит. Игәра згаз аӡәгьы дахьымхәӡацт. Иаса ҳанизааигәахалакь, Иара ибзиабара аҵанӡа ианаҳнырлакь, Иара иҟазаара аиашара иалаӡҭуеит ҳгәыҩбарақәеи ҳдоуҳатә лашәрақәеи. Kиa 73.3

Ацҳаражәҳәаҩ Павел иҩуеит: Анцәа «алашәра амчра ҳампыҵихит», «Иҷкәын ибзиабара аҳҭынрахь ҳнеигеит» ҳәа. (Кол. 1:13). Дарбанзаалакь аԥсраҟнытә аԥсҭазаарахь ихынҳәыз дитәуп «Анцәа дшыҟаз агәра хаҵарала”. (Ин. 3:33). Иара илшоит ҿа ӷәӷәала иҳәарц: «Сара ацхыраара сазгәышьуан, иагьысԥшааит Иаса иҟны”. Иҳақәиҭу сҭахрақәа зегьы рҭак ҟаиҵеит, имлашьуаз сгәы араҳаҭра азааигеит. Шьҭа Абиблиа сара сзы - Иаса Қьырса иаартыроуп. Шәара шәҵаауеит, избан сара Иаса игәра зызго? Избан акәзар, Иара - сара Сҿызхуа Анцәахәы иоуп. Избан сара Абиблиа зхасҵо? Сара еилыскааит, уи сара сгәы иазынархоу Анцәа ибжьы шакәу. Ҳара дасу ҳаҩнуҵаҟа абжьы ҳазыӡырҩыр иҳаԥшаауеит Абиблиа - аҵабырг шакәу, Қьырса - Анцәа Иԥа шиакәу аршаҳаҭгақәа”. Kиa 74.1

Ацҳаражәҳәаҩ Петр иашьцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит: «ҳара Иҳақәиҭу, Ҳҿыхҩы Иаса Қьырса рылԥхеи ргәаԥхеи рхы агәыларааӡаларц”. (2 Петр. 3:18). Анцәа илԥха рыман изызҳауа ажәлар Иара Иажәа еиҳа иҵауланы еилыркаауа иҟалоит, аҵара иaҿуп иара иԥшьоу иҵабыргқәа рыҟны алашара ҿыци аԥшӡара ҿыци рбаразы. Ус иҟан Ауахәама аҭоурых аҿиара ашәышықәсақәа зегьы раан, ус иҟазаауеит аҵыхәтәанынӡагьы. «Анцәа дхазҵо амш аҭәымҭанӡа зылашара еиҳа-еиҳа иазҳауа ашәахәа лаша даҩызоуп». (Ашәабжь. 4:18). Kиa 74.2

Адинхаҵара иабзоураны иҟалаша ҳагәылаԥшыр ҳалшоит, иагьеилаҳкаауеит усҟан Анцәа ҳахшыҩи ҳгәамчи алашара Ахыҵхырҭа хаҭала ианадҳәалоу рылшара амчра ҿыц дырҳауеит ҳәа ииҳәаз ажәа иаҵоу аиаша. Усҟан ҳара иҳалшоит Анцәа еилкаарaҿы ҳгәы еихьызшьуаз еилыкка ишыҟаҵәҟьоу абара, зеилкаара уадаҩугьы усҟан иаиуеит ахатәы еиҭаҳәара. Kиa 74.3

Ҳахшыҩ кьaҿ агәыҩбарақәеи, инамӡаша агәыӷpақәеи рыда акгьы ахьамбоз, ҳaра иаабоит инагӡаӡоу аҭышәынтәалара. «Уажәы ҳaра иаабо аабоит асаркьа хәашь иагәылаԥхо, гәынхәҵысла; yаЖәы сара издыруеит, издыруа ахәҭаак шакәу, усҟан еилыскаауа салагоит, шаҟа сара схаҭа сеилкаау аҟара”. (1 Кор. 13:12). Kиa 75.1