Қьырса ишҟа амҩа

6/14

Азкра

Анцәа аҭоуба иҳаиҭаз ажәа иаҳәоит: «Шәашьҭал, Сара сыԥшаара, сагьышәыԥшаауеит, сыԥшаара гәык-ԥсыкала иҟалазар шәашьҭалара”. (Иер. 29:13). Kиa 43.1

Анцәа иахь иҳамаз аиԥшызаара ҳаҩнуҵаҟа аиҭашьақәыргыларазы, ҳара, Иара, ҳшеибгоу гәылаԥсыла ҳаҽиаҳҭароуп, усҟан ауп уи аҩыза аҽыԥсахра алшаратәы аҭагылазаашьа ианзыҟало аԥҵара. Иахьа ҩнуҵҟала ҳара акыр ҳаиҟәыгоуп Анцәа. Аԥсыцқьа абас иҭихуеит ҳҭагылазаашьа: «рыцәгьаҟаҵарақәеи, рыгәнаҳарақәеи рыла урҭ иахьа аԥсцәа роуп», «рыхқәа зегьы аӡаӷь иаганы иҟоуп”, «рыгәқәа ҩеит”, «рыҩнуҵаҟа ичымазара знымԥшуа ҭыԥ ыҟаӡам». Аҩсҭаа икаҭа иаҳхарԥаны икуп, иара «игәыхәтәы ҳара ҳала инаӡеит». (Еф. 2:1; Ис. 1:5,6; 2 Тим. 2:26). Анцәа иҭахуп ҳхы ҳақәиҭтәра, ҳахәшәтәра. Аха уи азыҳәан иаҭахуп шьаҭанкыла ҳара ҳаԥсабара зегьы аиҭакреи, аиҭарҿыцреи, ҳара Анцәа (Иара) ҳәҽиаҳҭароуп ҳшеибаку. Kиa 43.2

Ауаҩи, «сара” ҳәа игәы иҭатәоуи рыбжьара ицо аиҿагылара, ауаа рыбжьара зныкымзар зны имҩаԥысхьоу анибарҵәарақәа зегьы раасҭа еиҳауп. Ауаҩы «сара” ҳәа имоу ирраҳаҭны, зегьы рыла Анцәа игәыхәтәы аҵагыларазы акыр џьа адбалатәуп. Ауаҩы Анцәа иҽиимҭакәа, иԥшьоу аԥсҭазаара ҿыц ала изалыршахаӡом анхара. Kиa 43.3

Анцәа инапхгара шьақәгылаӡам аҩсҭаа агәраҳхаирҵарц шиҭаху еиԥш анапаҿы аҟалара лашәи, мчылатәи адԥхьалареи рыла. Kиa 44.1

Анцәа иишаз зегьы рахь аилкаареи аламыси аадырԥшларц азы иҟаиҵоит ааԥхьара. Иара убас ирабжьеигоит: «Шәааи, Сара сышҟа, ҳаилацәажәап”. (Ис. 1:18). Уи ҳара ҳхақәиҭра мчыла иҳамихӡом, идикылогьы хатәгәаԥхаратәи, ҟәышралатәи амҵахырхәара ауп. Анцәа мчыла изыӡырыҩрра ауаҩы ган рацәала ихшыҩи, иуаҩышәареи рыҿиара алшаратәы иазыҟаҵаӡомызт. Иара ауаҩы дробатны дҟанаҵоит ауп. Уи Ҳазшаз иҭахрақәа ирҿагылоит. Иара игәы иаҭахуп, Иара ишара ахылҵшьҭра иреиҳаӡоу аҿиарахьы ихагалара. Анцәа иҳадигалоит зегьы иреиҳаӡоу аразҟы наӡа, уахь ҳнагара иҭахуп Иара илԥха амчала. Ихаҭа иаҳзиӡбаз ҳалаҟазааратә ҳаҟаҵаразы, Иара ҳара ҳахь, ҳaҽиаҳҭарц азы, ааԥхьара ҟаиҵоит. Ҳара иҳаҭәашьоуп алхра аҟаҵара: Kиa 44.2

Агәнаҳа ахәура аҿынтә ҳхы ҳақәиҭханы Анцәа ихшаара ирымоу ахақәиҭра аҽалархәра ҳҭахума ҳара? Ҳара ҳхала уи аҭак ҟаҳҵароуп. Kиa 44.3

Анцәа инапы ҳҽанҵо, ҳара, хымԥада, Иареи ҳареи ҳаиҟәшара ҟазҵо мап рцәаҳкроуп. Убри азы ауп Ҳҿыхҩы абас зиҳәаз: «Дызусҭазаалакь шәара шәыҟнытә дызлаҟоу зегьы наҟ мап рцәимкыр, Сара сыҟны илшаӡом дҵаҩны аҟалара”. (Лк. 14:33). Амал ауаа акыр ихнахуеит, Аԥара абзиабара, абеиахара азгәышьра - аҩсҭаа идҷабларатәы иҟазҵо хьтәы еимхәыцқәоуп. Шьоукы зегьы реиҳа изышьҭоу ахьӡи, ахьӡыԥшеи роуп. Џьабаада, ҭакԥхықәрада иҟоу аԥсҭазаара даҽашьоукы рзы зегь реиҳа ихадоу усуп. Axa арҭ атәы ишьамҭлаҳәқәа иԥыхха рықәҵара kaлароуп. Ҳазбжак Анцәа иҭо, егьи ҳазбжак адунеи иaҭaны аҟазаара хaлшаӡом. Ҳара Анцәа ишамҭоу xәыҷқәаны ҳзыҟалаӡом, зегьы рыла Иара ҳаҽиаҳамҭакәа. Шьоyкы Анцәа имаҵ аауеит ҳәа ишьақәдырӷәӷәoит, аха yбри аамҭазы Иара иԥҟарақәа pынагӡараан, аҟазшьа иаша ашьақәыргылареи, ахеиқәырхареи раан изықәгәыӷуа рхатәы лшарақәа заҵәык роуп. Арҭ ауаа Қьырса ибзиабара ргәы аҵанӡа макьана ирнырратәы изыҟамлаӡеит. Урҭ рқьырсиантә ҭакԥхықәрақәа Анцәа изыҳәарак аҳасабала иазнеины реазыршәоит хымԥадатәи анагӡара, иара убри ала нас рхазы наунагӡатәи аԥсҭазаара аиуразы. Ари иаҩызоу адин акагьы унаҭаӡом. Қьырса ҳгәы данҭоу, ҳгәаҭа Иара ибзиабареи, иҿцәажәара иацу агәырӷьареи рыла убраанӡа еикәаҭәы иҟалоит, уинахыс Иара иҿы ирылымшаратәы аҟазаара. Ҳхәыцрақәа зегьы Иара изырхауа, ҳара «ҳхы» ҳалагоит ахашҭра, ҳусқәа зегьы Қьырса иахьтәи ҳабзиабара иҟалоит иҳәаақәнаҵо. Анцәа ибзиабара адԥхьаларатә мчра зцәа ианыруа зегьы Анцәа изыҳәарақәа рынагӡара маӡала ҳашԥазнеири ҳәа ргәы аҭахәыцра иалагаӡом. Дара рҽазыршәо иалагоит Рҿыхҩы иҭахрақәа зегьы рыла рҽақәыршәаны анхара, игәырӷьаҵәа зегьы аанрыжьуеит, рхаҭақәа шынеибаку, изықәлаз ахықәкы анагӡара рхы арҭоит. Ақьырсиан игәаҿы абри еиԥшу абзиабара ҵаула ыҟамзар, иара адин - амци, ажәа ҭацәи, аидара хьанҭеи ракәны иҟалоит. Kиa 44.4

Қьырса абас зегьы иҭара, Шәара шәзы ихарҟьоу лаӡароуп ҳәа ишәымазар агәаанагара? Усҟан шәхы иашәҭа абри азҵаара: «Иарбану Қьырса сара сзы Анцәа ииҭаз?». Ҳара зегьы ҳаиқәырхаразы Анцәа иԥа зегьы мап рцәикит - ахатәы ҭышәынтәалара, аҭынчра, аԥсҭазаара. Иара ҳара зегьы ҳаиҭеит — игәы, Иара ибзиабара зегьы. Ҳара ауаа, ари аҩыза абзиабара иаԥсам, иаҳаркыцәҟьома Иара изы ҳара ҳагәқәа? Мгеимцара цыԥхьаӡа ҳара ахархәара аҳҭоит Иара ҳара ҳахь иҟаиҵо ақәныҳәарақәа, иара убри иахҟьаны ауп ҳара изаҳзеилымкаауа Иара ҳазлигаз амдырреи, агәырҩареи ҵа рымамкәа ишыҟаз атәы. Kиa 45.1

Иҳалшарыма ҳара бла аартыла иҟаҳҵоу агәнаҳақәа згәаҵанӡа инеиз Иара ихәаԥшра, ибзиабареи, иҟаиҵаз ихҳақәҵарпеи ҳаҵамгылаӡакәа ус ахәаԥшра? Иҳақәиҭу ихы инапаҿы ишааигаз азгәаҭо, иҳалшарыма ҳара ҳаԥсҭазаарамҩа ахыларҟәреи ақәԥара бааԥси рыла иҭәуп ҳәа агәынамӡара аарԥшра? Kиa 46.1

Аӡәырҩы ахазԥагьаҩцәа ҵаауеит: «Изаҭахузеи ахара ахыхреи, аҽанраалареи? Убри ада сара исылымшаӡои Анцәа сышидикыло агәра азхаҵара?». Шәихәаԥш Қьырса. Иара имаӡамызт гәнаҳа; зегьы иреиҳау, Ажәҩан аҿы аҳра ауан, аха, Ҿыхҩыс ихы ҟаиҵеит. Иара «игәы аԥсрала иԥсахит, ацәгьауцәагьы иҟалеит дырхыԥхьаӡалан, аха усҟан Иара ихахьы игеит аӡәырҩы иҟарҵахьаз агәнаҳарақәа, ацәгьоуцәа рызгьы дыхәдықәҵаҩны дҟалеит”. (Ис. 53:12). Kиa 46.2

Қьырса зегьы аниаҳҭо, иарбанқәоу ҳара мап зцәаҳкуа? Агәнаҳа иҟаҳҵахьаз агәымхарақәа роуп, Иаса Ихатәы Шьала, ибзиабарала ҳаиқәирхарц азы. Аха џьоукы урҭ зегьы мап рыцәкра, ихадоу акы акәны иахәаԥшуам. Ари иаҩаызоу ахәыцрақәеи, ажәақәеи ҳара акыр ҳарцәыԥхашьалар ауп. Kиa 46.3

Анцәа иҳадиҵаӡом мап ацәкра ҳара абзиа ҳзаазго. Иара еснагь аус иуеит Иара иишаз ихәыҷқәа ринтересқәа инарықәыршәаны. Қьырса макьана далзымхыц рзы акырӡа аҵанакуеит Анцәа дара ишрыдигало, дара рхазы адгьыл аҿы изышьҭоу аасҭа акырӡа еиӷьу аилкаара. Ауаҩы ихы ацәгьа дуӡӡа азааигоит Анцәа игәахәтәы дацәхьаҵны иҟаиҵо ахәыцрақәа рыла. Аразҟы наӡа аиура залшаӡом, Aнцәа знылара мап ацәикыз амҩа ақәлара, уи аразҟы нaӡахь укылнагаӡом. Иара заҵәык иоуп издыруа ҳара ҳзы зегьы иреиӷьу, зегьы ҟаиҵоит ҳара ҳабзиахаразы. Aгәнаҳазхаҵара амҩа - агәырҩеи аҭахареи рымҩа ауп. Kиa 46.4

Анцәа гәахәала идикылоит Ихатәы хәыҷқәа ргәырҩарақәа ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, уи дҩашьоит. Ажәҩан зегьы иаҭахуп ауаҩы аразҟы иҭара. Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб ихәыҷқәа агәырӷьара иалхәыдаан иҟаиҵаӡом. Анцәа ааԥхьара ҟаиҵоит агәырҩеи, агәыхшәареи ҳзааганы, аразҟи, аԥсҭазаара наунагӡеи рахь ҳамҩақәа азыркуа зегьы мап рцәаҳкырц. Адунеи Аиқәырхаҩы ауаа ишыҟоу еиԥш идикылоит: дасу рыԥсыҽрақәа, ирыгу шрыгу, ршарамшарақәагьы нарыдкыланы. Иҟаҵоу агәнаҳа Иара ирхихуеит, Ихатә Шьала иҿихуеит, аха уи амацара акәӡам иара дызҿу, Иара «аидара” аҵалара иақәшаҳаҭхаз зегьы ргәаҵа иҭаҵәаху агәазыҳәарақәа зегьы дашьҭазаауеит анагӡара. Иара иҭахуп аԥсҭазаара афатә хадазы Иара иҟны зегьы агәҭынчреи, араҳаҭреи рыҭара. Иаса ааԥхьара ҟаиҵоит аразҟынаӡа ақәцәахь ҳхазгало ауалԥшьақәа наҳагӡаларц азы. Уи аҭагылазаашьа рнырраны иҟаӡам Иара иҭахра иаҿагыло аӡәы заҵәыкгьы. Згәаҭаҿы Иаса еснагь дыҟоу (ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла «ахьыӡ иагәылаӡсауа”) аԥсҭазаара агәырӷьара наӡа еснагь имазаауеит. Kиa 47.1

Аӡәырҩы ҵаауеит: «Иҟаҵатәузеи Анцәа сыԥсҭазаара напхгара аиҭаларц азы?». Шәара агәаҳәара шәымоуп ус иҟаларц азы, аха шәуаҩышәара амчра уи иазхаӡом, агәыҩобарақәа рхәуура шәҭоуп, агәнаҳа зцу ашьцыларақәа рнапаҿы шәыҟоуп. Акарта лых ҩынқәа реиԥш ихыбгалоит шәыӡбарақәеи, шәхахьы ижәго ажәақәеи. Шәара ишәылшаӡом, шәыхшыҩи, шәгәаҳәарақәеи, шәхы злаку аусқәеи напхгара рыҭара. Ишәзынамыгӡаз шәуалԥшьақәеи шәҭакԥхықәрақәеи шәхаҭа шәгәыц- қьаразы агәыҩбара шәызцәырҵуа шәҟарҵауеит. Анцәа шәыдкылара илшаратәы шәыҟаӡам ҳәа шәгәы иаанаго шәалагоит, аха шәгәы кашәмыжьын. Амч - алша закәу аҭахуп аилкаара. Аӡбарақәа рыдкылараан зхы аазырԥшуа ауаҩы иԥсабаратәу напхгараҭаратә мчы ауп. Амч - алша ииашаны ахархәашьа ауп зегьы зҵазкуа. Анцәа ауаҩы ииҭеит ихала амҩа алихратәы алшара. Убри алшара иаҭахуп ахархәара. Шәара шәымч - шәылша зегьы Иара (Анцәа) иҭара шәылшар, иара шәара «илԥха зцу аусқәеи аҭаххарақәеи рымҩаԥгаразы» инашәыгӡаратәы алшара шәиҭо далагоит. Усҟан шәара шәшеибаку Қьырса Идоуҳа анапаҵаҟа шәҟалоит, шәыхшыҩзцарақәа, Иара иҳәатәы иақәшәо иалагоит. Kиa 47.2

Ацшьареи, аҳалалреи рахь ахырхара, рыҽхәаԥхьыӡ ацуп. Аха агәаҳәара мацарагьы лыҵшәа бзиа амаӡам. Аӡәырҩы иқьырсианцәазар рҭахны ишыҟазгьы, ус ҳаҟоуп ҳәа рхзы шырԥхьаӡозгьы, иниаӡӡаа ицеит. Урҭ рылшара Анцәа инапы ианырымҵаӡеит, иара иахьагьы уи аҟаҵара рзымгәаӷьӡакәа иҟоуп. Kиa 48.1

Шәара шәыԥсҭазаара шьаҭанкыла иалшоит аҽаԥсахыр, ахырхарҭа иаша шәзаҭар. Қьырса инапаҿы шәҽыҟашәҵар, шәара зегьы иреиҳау амчра змоу ицхыраареи, иҵгәареи шәоуратәы иҟалоит. Анцәа инапаҿы еснагь аҟазаара шәхы иалшәыршар, инымҵәаӡо амчра ахыҵхырҭаҿы шәҟалоит, усҟан шәара аԥсҭазаара ҿыц агәрагарала ихыжжа ицо, шәаланхо шәҟалоит. Kиa 48.2